Џьуаншер Бурҷулаӡе Хавиер Коломина диԥылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Хавиер Коломина диԥылеит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина диԥылеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аиԥылараан аганқәа арегион аҟны иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи ааԥхьарақәеи ирыхәаԥшит.

“Ҷыдала иазааҭгылеитУрыстәыла Украина иалагаз аибашьра. Аганқәа Украинеи украинатәи ажәлари рыдгылара даҽазнык аадырԥшит. Иахцәажәеит алианс Қырҭтәыла азаанарԥшуа адгылара аҵакы.

Иара убас иазааҭгылеит атәылахьчара асистемаҿ имҩаԥысуа ареформақәеи, аусеицура априоритеттә хырхарҭақәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи. Аиԥылараҿ даҽазнык шьақәырӷәӷәан Нато Қырҭтәыла асуверенитети атериториатә акзаареи шрыдгыло,” – аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.