Џьорџь Буш - Ангела Меркели сареи зегьы реиҳа идуу аполитикатә аимак ҳабжьалеит Қырҭтәыла ала НАТО алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара апроцесс иадҳәаланы
Америка ҧасатәи ахада Џьорџь Буш игәаларшәарақәа инрықәыршәаны, Ангела Меркели иареи зегьы реиҳа идуу аполитикатә аимак рыбжьалеит Қырҭтәыла ала НАТО алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара апроцесс иадҳәаланы. Америка ҧасатәи ахада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит «Deutsche Welle» иеиҭаз аинтервиу аҿы.
Џьорџь Буш ишиҳәаз ала, Германтәыла аканцлер абри ашьаҿа ииашам ҳәа илыҧхьаӡон.
«Ангела Меркель лхаан аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа рҽеиҭаркит. Ҳәарада, зҵаарақәак рзы ҳҳәатәы еиқәшәомызт. НАТО алалара амзызла Қырҭтәыла ала азыҳәамҭа аҟаҵара азҵаара иадҳәаланы аимак ҳабжьалеит. Лара лпозициа ҕәҕәан, ари ашьаҿа ииашам ҳәа илыҧхьаӡон, сара ииашоуп ҳәа исыҧхьаӡон, аха, уи ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ирҧырхагамхеит», — иҳәеит Буш.