Џьо Баидени Си Ӡинпини абҵара 14 рзы Индонезиа имҩаҧысуа „Идуу ҩажәа ҳәынҭқарра“ асаммитаҿ еиҧылоит
Џьо Баидени Си Ӡинпини абҵара 14 рзы Индонезиа имҩаҧысуа „Идуу ҩажәа ҳәынҭқарра“ асаммитаҿ еиҧылоит

Америка ахада Џьо Баидени Си Ӡинпини абҵара 14 рзы Индонезиа имҩаҧысуа „Идуу ҩажәа ҳәынҭқарра“ асаммитаҿ еиҧылоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩны шкәакәа.

Америка ахада иадминистрациа адыррала, Џьо Баидени Си Ӡинпини арегионалтәии аглобалтәии зҵаарақәа ирылацәажәоит.

„Алидерцәа Америкеи Китаии рыбжьара акоммуникациатә цәаҳәақәа рыхьчареи рырҭбаареи амзызла,  ҭакҧхықәрала акоммуникациа анапхгараҭареи, ҳинтересқәа ахьеиҧшу азҵаарақәа рзы аусеицуреи иалацәажәоит“, – илҳәеит Америка ахада иадминистрациа апресс-спикер Карин Жан-Пиер.