Џьо Баиден - Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа Израиль алидерцәа рбаандаҩтәразыаӡбара ахьаднакылаз, игәыԥжәагоу хҭысуп
Џьо Баиден - Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа Израиль алидерцәа рбаандаҩтәразыаӡбара ахьаднакылаз, игәыԥжәагоу хҭысуп

Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа Израиль алидерцәа рбаандаҩтәразыаӡбара ахьаднакылаз, игәыԥжәагоу хҭысуп, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден.

Баиден Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа апрокурор Карим Ахмад Хан Израиль аофициалтә хаҿқәа, урт рыбжьара Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу рбаандаҩтәра аордер иазкыз иҳәамҭа акритика азиуит.

„Ари апрокурор игәы иҭоу сыздырӡом, аха Израили “Ҳамаси” еиҟарам. Ҳара еснагь Израиль ҳадгылоит”, – иазгәеиҭеит ЕАШ ахада.

Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа апрокурор Карим Ахмад Хан Израиль аԥыза-министри “Ҳамас” алидерцәеи рбаандаҩтәразы аордер аҭыжьра идҵаны иқәиргылоит.