Џьо Баден  - ЕАШ Украина ацхыраара иаҟәымҵроуп
Џьо Баден - ЕАШ Украина ацхыраара иаҟәымҵроуп

ЕАШ ахада Џьо Баиден ЕАШ ахаҭарнакцәа рпалатаҿ аамҭалатәи абиуџьет адкылара дахцәажәеит, абиуџьет аҿы Украина ацхыраара иазыԥҳьагәаҭам.

Баиден иҳәамҭаҿ ишану ала, ЕАШ Украина ацхыраара иаҟәымҵроуп.

“Аспикери аконгресси реиҳара Украина иадгылоит, аха ари адокумент аҿы ацхыраара анагӡаразы аԥара иазыԥхьагәаҭам. ЕАШ Украина ацхыраара иаҟәымҵроуп, ари аҭыԥ амамзароуп. Аспикер украинатәи аган рҿаԥхьа имоу иҭакԥхықәра иазыԥхьагәаҭаны, ари акритикатә моммент аҿы Украина ацхыраара дадгылоит”, – иазгәеиҭеит Баиден.

ЕАШ ахаҭарнакцәа рпалатаҿ аамҭалатәи абиуџьет аднакылеит, аха ари адокумент аҿы Украина ацхыраара азаарԥшра иазыԥхьагәаҭам.