Џьим О'Браиен – Қырҭтәыла – ҳпартниор ауп, ари тәыла НАТО апартниорра иазку ауснагӡатәқәа рахь ааҧхьара аиуеит
«Қырҭтәыла – ҳпартниор ауп, ари тәыла НАТО апартниорра иазку ауснагӡатәқәа рахь ааҧхьара аиуеит», – иҳәеит Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О’Браиен.
Аха, Америка аиҳабыра рхаҭарнак ишиҳәаз ала, Вашингтон «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа рыӡбарақәеи рриторикеи даараӡа иаргәамҵуеит.
«Лабҿаба иубарҭоуп Қырҭтәыла ауааҧсыра 80-85 наӡына Евроеидгылеи НАТОи рахь аинтеграциа шырҭаху. Уажәааны аҧыза-министр иҳәеит дара ирыдыркылаз азакәан абри амҩа иаҧырхагахом ҳәа. Ҳара еилыкка иаҳҳәеит, иахьа Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррельгьы аргама иҳәеит аоппозициеи атәылауаҩратә уаажәларреи рганахьала амчылареи, атәым агентцәа ирызку москватәи азакәан адкылареи, абаҕәаза ҿыц китаитәи аилахәыра аҭара иазку аӡбареи уҳәа, абри зегьы Америкеи Евроеидгылеи иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ралалара ишаҧырхагоу. Убри аҟынтә, атәыла анапхгара рпозициа еиҭахәаҧшырц ирыбжьаагоит. Ҳара ақырҭуа аофициалтә хаҿқәа рҟны аиҿцәажәарақәа наҳагӡоит. НАТО асаммит апартниортә уснагӡатәқәа рҿгьы ҳаицәажәоит. НАТО апартниорцәа зегьы апартниортә уснагӡатәқәа рахь ааҧхьара роуеит», — иҳәеит Џьим О’Браиен.