Џьим  О'Браиен  «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан даргәамҵуеит, иара иҳәамҭала,  Америка еснагь ауаҩы изинқәа рыхьчара иазықәҧоит
Џьим  О'Браиен  «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан даргәамҵуеит, иара иҳәамҭала,  Америка еснагь ауаҩы изинқәа рыхьчара иазықәҧоит

Европеи Евразиеи аусқәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим  О’Браиен  асоциалтә аҳаҿы  «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡами рыхьчареи иазку азакәан» адкылара дахцәажәеит.

О’Браиен иажәақәа рыла, Америка еснагь ауаҩы изинқәа рыхьчара иазықәҧоит.

«Ахақәиҭрақәа ирҧырхагоу, Қырҭтәыла Европантә иацәыхаразтәу азакәан ҳаргәамҵуеит. Америка, еснагь ауаҩы изинқәа рыхьчареи ауаа зегьы рзы ахақәиҭрақәеи ирзықәҧоит», — иҩит  О’Браиен асоциалтә аҳаҿы.