Џьеимс  О'Браиен – Москва афронт арҭбаара рҽазыркыр,  Украина ихараны ахысра азин арҭоит
Џьеимс  О'Браиен – Москва афронт арҭбаара рҽазыркыр,  Украина ихараны ахысра азин арҭоит

«Москва афронт арҭбаара рҽазыркыр,  Украина ихараны ахысра азин арҭоит», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ  Џьеимс  О’Браиен.

Ахаҭарнакратә палатаҿ имҩаҧысуаз азыӡырҩраан ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессен  Томас Кин  О’Браиен диазҵааит   ATACMS ауранагӡара азонаҿ шаҟа аурыс ракетақәа иҟоу, ишдыру еиҧш Америка ахада иадминистрациа  украинатәи аган арҭ аракетақәа рыхәхра азин арҭом.

«Москва афронт арҭбаара рҽазыркыр,  Украина ихараны ахысра азин арҭоит», — заявил О’Брайен.

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ иҳәамҭала,  украинаа рыла аҳәаа иазааигәаны урыстәылатәи атехника ақәхра абзоурала, Москва ажәылара алшара ацәыӡит. Иара иажәақәа рыла, Америка хықәкыс иаман абџьар анагареи  «ҷыдала иахьаҭаху аҭыҧқәа рҿы аргылареи».