Џьеимс  Аппатураи – Апарламент  НАТО азааигәахараҿы Қырҭтәыла иацхрааша  ареформақәа мҩаҧнагароуп
Џьеимс  Аппатураи – Апарламент  НАТО азааигәахараҿы Қырҭтәыла иацхрааша  ареформақәа мҩаҧнагароуп

 

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Џьеимс Аппатураи  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани диҧылеит.

Аппатураи ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы адәныҟатәи аполитика иалацәажәеит.

«Ҳара НАТО ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы иҵегьы иҟаҵатәу ҳалацәажәеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апрогресс ду шәымоуп. НАТО аҵыхәтәантәи асаммит аҿы ари апрогресс иазгәаҭан. Ҳара арегионалтә шәарҭадара азҵаарагьы ҳазааҭгылеит, уажәазы Қырҭтәыла арегион аҿы ароль ду нанагӡоит, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи аиҿцәажәарақәа рымҩаҧграҿы ирыцхраауеит.  Қырҭтәыла мацароуп абри ауникалтә роль анагӡара зылшо.  Убри азыҳәан ҳшәаҭабууп.   Амшын еиқәа арегион аҿы ашәарҭадареи, акибершәарҭадареи ирызку азҵаарақәагьы ҳрылацәажәеит. Уи адагьы, Қырҭтәыла аполиаризациа шыҟаз аадыруеит. Евроеидгыла ацхыраара ала Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟалаз аиҭакрақәа среигәырҕьоит. Ареформақәа шымҩаҧыжәго здыруеит. Амҩа иаша шәануп.  Раҧхьа иргыланы, ақырҭуа жәлар роуп ареформақәа зҭаху. Насгьы, апарламент имҩаҧнаго ареформақәа НАТО азааигәахара апроцесс аҿгьы Қырҭтәыла иацхраауеит», — иҳәеит Аппатураи.