Џьамтәыла-Ирак аҳәааҿ иҟалаз адгьылҵысра рыҧсҭазаара алнахит 150-ҩык рҟынӡа
Џьамтәыла-Ирак аҳәааҿ иҟалаз адгьылҵысра рыҧсҭазаара алнахит 150-ҩык рҟынӡа

Џьамтәыла Ирак аҳәааҿ иҟалаз адгьылҵысра рыҧсҭазаара алнахит 150-ҩык рҟынӡа.

Reuters адыррақәа рыла, адгьылҵысра Кирманшахтәи апровинциаҿ рыҧсҭазаара алнахит 141 ҩык. Ирак иҭахеит ҧшьҩык, аха аофициалтә хаҿқәа рҳәамҭала, иҭахаз рхыҧхьаӡара иазҳар ҟалоит.

Адгьылҵысра амшала апаника алагеит. Аҭыҧантәи уааҧсыра рыҩнқәа аанрыжьит. Ирак аҳҭнықалақь Багдадтәи аџьаамаҿ анцәа имаҵура мҩаҧыргоит.

Џьамтәылаҿ амзаҿа ҟаҧшь адыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр Ирак ақалақь Ҳалабџьантә 30 км иацәыхараны иҟан.

7,8 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра шьыжь шаанӡа Џьамтәыоеи Ираки рҳәааҿ иҟалеит.