Џьамтәыла, ашахҭаҿ иҟалаз аԥжәараан 51-ҩык ҭахеит
Џьамтәыла, ашахҭаҿ иҟалаз аԥжәараан 51-ҩык ҭахеит

Џьамтәыла, ашахҭаҿ иҟалаз аԥжәараан 51-ҩык ҭахеит. Аладатәи Хорсан апровинциа анапхгаҩы Џьавад Генаат иажәақәа рыла, аиқәырхаҩцәа ашахтаҿ иаанхаз реиқәырхара аоперациа мҩаԥыргоит. Аиқәырхаратә операциа амҩаԥгара уадаҩп ашахтаҿ метан рацәаны ахьыҟоу аҟынтә.

Џьамтәыла аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аинформациала, арыцҳара аныҟалаз аамҭазы ашахтаҿ иҟаны 69-ык.

Џьамтәыла ахада Масуд Пезешкиан ашатхаҿ аԥжәаран иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.