Џьамтәыла 12-тәи ааԥхьара апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит. Атәыла ауааԥсыра иара убас Џьамтәыла аекспертцәа рассамблеиа алахәылацәа иалырхуеит.
290 мандат змоу апарламент ахь алалара иазықәԥоит 15200-ҩык акандидатцәа. Урҭ рҟынтә 30-ҩык ареформистцәа рбанк иалоуп. Аиҳара аиуразы 146 мандат аҭахуп.
Алхырҭақәа аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 08:00 рзы аатит, абжьыҭира апроцесс асааҭ 18:00 рзы ихыркәшахоит.
Ихатә похициа зегь раԥхьа ааирԥшит Џьамтәыла адоуҳатә лидер Аиаҭолла Али Хаменеи.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, алхрақәа активра лаҟәуп. Аҳҭнықалақь Тегеран аҟны активра 23.5% иаҟароуп, атәыла амастабла – 38.5%.