Израильтәи аган адыррақәа рыла, ҲАМАС  иоунажьҭыз 13ҩык израильтәи атҟәацәа, Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи акомитет аусзуҩцәа ирыцны, Ҕаза асектор иалҵуеит Рафах аҟынтәи
Израильтәи аган адыррақәа рыла, ҲАМАС иоунажьҭыз 13ҩык израильтәи атҟәацәа, Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи акомитет аусзуҩцәа ирыцны, Ҕаза асектор иалҵуеит Рафах аҟынтәи

ҲАМАС ала иоужьҭыз 13ҩык израильтәи атҟәацәа, Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи акомитет аусзуҩцәа ирыцны, Ҕаза асектор иалҵуеит  агәаҭара-аужьҭратә пункт Рафах аҟынтәи.

Ари аинформациа аланарҵәеит израильтәи аган.

13ҩык атҟәацәа роужьҭра иазҧхьагәаҭан Израили ҲАМАСи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, зынӡа  ҧшьымш рыла ҲАМАС иоунажьҭроуп 50ҩык атҟәацәа  — аҳәсеи ахәыҷқәеи.  Израильтәи аган  150ҩык палестинатәи абаандаҩцәа рхы иақәиҭыртәуеит.