Израиль Ахыхьчаратә ар ахаҭарнак – Ҳара хәыҷы-хәыҷла арратә операциақәеи Ҕаза асектораҿ ҳаруаа рхыҧхьаӡареи ацаҳҵоит
Израиль Ахыхьчаратә ар ахаҭарнак – Ҳара хәыҷы-хәыҷла арратә операциақәеи Ҕаза асектораҿ ҳаруаа рхыҧхьаӡареи ацаҳҵоит

Израиль Ахыхьчаратә ар  аспикер  Даниел Хагар иҳәамҭала, уахыкала Ҕаза асектораҿ Израиль Атәылахьчаратә мчқәа рхыҧхьаӡара ацлеит.

«Дара уажәраанӡагьы уаҟа еибашьуаз амчқәа ирыцлеит.  Ҳара хәыҷы-хәыҷла арратә операциақәеи Ҕаза асектораҿ ҳаруаа рхыҧхьаӡареи ацаҳҵоит», — иҳәеит  Хагар.

Аха, иара ишазгәеиҭаз ала, адгьылтә операциа израильтәи амчқәа рзгьы шәарҭоуп.

«Ҳара ҳбџьармчқәа ршәарҭадара аиқәыршәареи аибашьра ахықәкқәа рынагӡареи азыҳәан иҟаҵатәу зегьы аҳаири, амшыни, адгьыли рҟнынтә иҟаҳҵоит», — иҳәеит  Дениел Хагар.