Израиль аҩадатәи ахәҭаҿы амцакра ӷәӷәа ҟалеит
Израиль аҩадатәи ахәҭаҿы амцакра ӷәӷәа ҟалеит

Израиль аҩадатәи ахәҭаҿы амцакра ӷәӷәа ҟалеит, – аанацҳаит timesofisrael.

Акьыԥхь аинформациа ала, амцакра зыхҟьаз “Ҳезболла” Израиль аганахьала имҩаԥгаз ажәылара ауп.

Израиль амцарцәаратә маҵзурақәа рҟынтә ишаарыцҳаз ала, амца арцәара иаҿуп 30 иреиҳаны амцарцәаратә гәыԥқәа.

Аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу иофис аинформациала, Неҭаниаҳу амцакра иазкны адырра иҭан.