Израиль атәылахьчаратә мчқәа - Шьамтәыла Израиль ахырхарҭала аракетақәа рыла ахысра ашьҭахь, Израильтәи аруаа Шьамтәыла аҵакыраҿ арратә инфраструктуратә обиектқәа иреихсит
Шьамтәыла Израиль ахырхарҭала аракетақәа рыла ахысра ашьҭахь, Израильтәи аруаа Шьамтәыла аҵакыраҿ арратә инфраструктуратә обиектқәа иреихсит, – Израиль атәылахьчаратә мчқәа.
Израиль атәылахьчаратә мчқәа аладырҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Израиль ажәылара мҩаԥган ахымцазы аҭак зыԥхықәу аҳәаа иаԥну апунктқәа рхырхарҭала.
Израиль атәылахьчаратә мчқәа рдырраа рыла, Шьамтылантә ишьҭыз аракетақәа зегьы иҭацәу аҵакырадгьыл ақәҳаит.