Израиль Атәылахьчаратә мчқәа ринформациала, Либанынтә Израиль ахырхарҭала аракетала ихысит
Израиль Атәылахьчаратә мчқәа ринформациала, Либанынтә Израиль ахырхарҭала аракетала ихысит

Либанынтә Израиль ахырхарҭала аракетала ихысит. ВВС ари аинформациа аланарҵәеит Израиль Атәылахьчаратә мчқәа ринформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Дара рдыррақәа рыла, атеррористцәа аҳәааҿ игылоу израильтәи арбџьармчқәа рҧыҧшырҭа иалахысит.

ҲАМАС аибашьцәа жьҭаара 7 рзы Израиль ианажәыла ашьҭахь „Ҳезбола“, раҧхьаӡа акәны, аракетала ихысит.