Израиль Атәылахьчаратә мчқәа Гаҕа асектор аҿы хәҩык израильтәи атҟәацәа рыҧсыбаҩқәа рбеит
Израиль Атәылахьчаратә мчқәа Гаҕа асектор аҿы хәҩык израильтәи атҟәацәа рыҧсыбаҩқәа рбеит

Reuters адыррала,  Израиль Атәылахьчаратә мчқәа Гаҕа асектор аҿы хәҩык израильтәи атҟәацәа рыҧсыбаҩқәа рбеит.

Израильтәи аган рҳәамҭала,  атҟәацәа рыхәҩыкгьы ршьит жьҭаара  7 рзы ҲМАМС имҩаҧнагаз ажәылараан.

Руаӡәы  — 56 шықәса зхыҵуаз  Маиа Горен ахәыҷбаҳчаҿ аус луан. Егьырҭ рыҧшьҩыкгьы солдаҭцәан.

Израиль ахада  Исаак Герцог  Израиль Атәылахьчаратә мчқәа аҧсыбаҩқәа раарҧшразы ҭабуп ҳәа раҳәаны,  рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.

«Рызынтәгьы аҩныҟа рырхынҳәра иаҳуалуп  —  зыҧсы ҭоугьы Израиль анышә иаҭатәугьы», — иҳәеит  Герцог.