Израиль арбџьармчқәа ишаарыцаз, адәытә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 36-тәи адивизиа Газа аҟәаранӡа инаӡеит, Газа аҩада-аладатәи амҩаҿ агуманитартә коридор аартуп
Израиль арбџьармчқәа ишаарыцаз, адәытә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 36-тәи адивизиа Газа аҟәаранӡа инаӡеит, Газа аҩада-аладатәи амҩаҿ агуманитартә коридор аартуп

Израиль арбџьармчқәа ишаарыцаз, Газа ихадоу аҩада-аладатәи Салаҳ ад-Динтәи амҩаҿ агуманитартә коридор аартуп, – аарыцҳаит израильтәи аихқәа.

Аихқәа рдыррақәа рыла, ари Газа аҩадахьала инхоу палестинаа аладахь аиасра алшара рнаҭоит.

“Иахьа ҳара Салаҳ ад-Динтәи амҩа ааҳартит, Газа аҩадахьала инхоу ауааԥсыра рзы агуманитартә коридор аартуп”, – иануп Израиль арбџьармчқәа аладырҵәаз авидеонҵамҭаҿы.

Израиль арбџьармчқәа рынт ишаарыцҳаз, адәытә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаныИзраиль арбџьармчқәа 36-тәи адивизиц Газа аҟәаранӡа инаӡеит.

“Адевизиа адҵас аиуит Газа ақалақь акәыршареи, ажәылареи иалкаау ацәҟьара арынҵәареи, атеррористтә аиҿкаара “Ҳамас” аштабуада аԥыхра уахь иналаҵаны,” – иануп Израиль арбџьармчқәа иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Атанкқәеи, артиллериеи, арратә аинџьнырцәеи рыла ишьақәгылоу  36-тәи адивизиа 24 сааҭ ирылагӡаны, “Ҳамас” 50 цәҟьара рхырхарҭала ажәыларақәа мҩаԥнагеит.