Израиль, аракетатә жәыларақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡеит, хәҩык ахәрақәа роуит
Израиль, аракетатә жәыларақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡеит, хәҩык ахәрақәа роуит

Израиль, аракетатә жәыларақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡеит, хәҩык ахәрақәа роуит, – аанацҳаит Times of Israel.

Ажәыларазы аҭакԥхықәра ахахьы агеит аҵысра “Ҳамас”. Аракетатә жәылара иалагаанӡа Израиль аҵакырахь иасит палестинатә аибашьцәа ргәыԥқәа.

Аихқәа ишаарыцҳаз, агәыԥ “Ҳамас” аланарҵәаз аудионҵамҭақәа рҿы аоперациа “Аль-ақса ашторм” алагара атәы иазгәаҭоуп. Палестинатәи аибашьцәа хықәкыс ирымоуп аҳаирбаӷәазқәеи арратә обиеқтқәеи рықәхра, Израиль ахырхарҭала “Ҳамас” 5000 ракета рышьҭит.

Израиль аҟны ҳаирбаӷәазақәк аркуп.

Атәыла аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Газа авектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала аракетақәа иахьа, ашьыжь шаанӡа рышьтит.