Израиль ар рспикер - Ҳаруааи ҳтанкқәеи Газа асектор аҿы иҟоуп, урҭ иқәԥоит, аха ҳтанкқәеи ҳаруааи иацгьы Газа иҟан
Израиль ар рспикер - Ҳаруааи ҳтанкқәеи Газа асектор аҿы иҟоуп, урҭ иқәԥоит, аха ҳтанкқәеи ҳаруааи иацгьы Газа иҟан

Израиль арбџьармчқәа рспикер Нир Динар  The New York Times аинтервиу аҿы ишазгәеиҭаз, израильтәи аруаа Газа асектор аҿы иҟоуп.

Адәытә операциа алагара иазкны зҵааразы Динар аҭак ҟаимҵеит.

„Ҳаруааи ҳтанкқәеи Газа асектор аҿы иҟоуп, урҭ иқәԥоит, аха ҳтанкқәеи ҳаруааи иацгьы Газа иҟан“, – иҳәеит Нир Динар.

Израиль атәылахьчаратә мчқәа рспикер Даниель Ҳагри иҟаиҵаз аҳәамҭала, израильтәи ашьаҟар “иаха аоперациа дырҭбауеит”.