Израиль  имҩаҧгаз авиажәылара амшала Ҕаза асектораҿ иҭахеит 1200ҩык иреиҳаны
Израиль имҩаҧгаз авиажәылара амшала Ҕаза асектораҿ иҭахеит 1200ҩык иреиҳаны

Израиль ала имҩаҧгаз авиажәылара амшала Ҕаза асектораҿ иҭахеит 1200ҩык иреиҳаны. Палестина Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, 5339ҩык ахәрақәа роуит.

ЕАР Палестинатәи агентра ишаанацҳаз ала,  338 000ҩык ауааҧсыра рыҩнқәа ааныжьны, ЕАР ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу ахәышәтәырҭақәеи ашколқәеи рҿы рҽырҵәахуеит.

Израильтәи аблокада амшала, Ҕаза асектораҿ аӡрыжәтәи, абылтәи, аҧсабаратә гази, афымцеи иҟам.

Аџьар Ҟаҧшь ишаанацҳаз ала, Ҕаза ахәшәтәырҭаҿ  агенераторқәа аус руразы ҧшьымш мацара ирызхаша абылтәы рымоуп, убри ашьҭахь ахәшәтәырҭақәа хәарҭак рымамкәа иаанхоит, избанзар ауаа рхәышәтәра рылшом.

Египет Израиль ахь ааҧхьара ҟанаҵоит, агуманитартә корридор аиҿкаара рылшаратәы,  фсааҭк рыла амца ааныркыларц.