Израиль аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ - ҲАМАС аиқәшаҳаҭра еилаганы, аракетақәа рыла Израиль алахысра иалагеит
Израиль аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ – ҲАМАС аиқәшаҳаҭра еилаганы, аракетақәа рыла Израиль алахысра иалагеит
«ҲАМАС атеррористтә ар аиқәшаҳаҭра еилаганы, аракетақәа рыла Израиль алахысра иалагеит», — иҳәеит Израиль аиҳабыра рхаҭарнак Эилон Леви.
Иара иажәақәа рыла, ҲАМАС аибашьцәа ахысра иалагеит шьыжьымҭан асааҭ 5:43 рзы.
«ҲАМАС аиқәшаҳаҭра анеиланаго аамҭазы, атҟәараҿы иҟоу ҳуааҧсыра цәгьала рыргәаҟра иазкны адыррақәа ҳауит, дара апсиологиатә ганахьала атҟәацәа дыргәаҟуеит, амш рыларгоит. ҲАМАС ҳуааҧсыра арахә аасҭа иаҳа ицәгьаны ирызныҟәоит, ҳара ҲАМАС иқәаҳхуеит», — иҳәеит Израиль аиҳабыра рхаҭарнак.
Эилон Леви ишазгәеиҭаз ала, уажәазы ҲАМАС атҟәараҿы иҟоуп 137ҩык.