Израиль аиҳабыра-Газа аладахьала ахымца аанкылараз иаларҵәоу  адырра иҵоурам
Израиль аиҳабыра-Газа аладахьала ахымца аанкылараз иаларҵәоу адырра иҵоурам

Израиль аиҳабыра Газа аладатәи ахәҭаҿы ахымца аанкылара иазку адырра мап ацәнакуеит. Ари иануп Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу иофис аланаҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Уаанӡа, Израиль Газа аладатәи ахәҭаҿы ахымца аамҭала аанкылара ақәшаҳаҭхеит  ҳәа адырра аланарҵәеит агентра “Роитер”.

“Роитер” аинформациала, Газа асектор ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара рыҭаразы, аартхоит Мысреи Газеи ирыбжьоу аҳәаатә пункт “Раҳаф”. Иара убас, Шаза асектор аҟынтә ақәҵра алшара роуеит атәымтәылауаа. Иҟоу адыррақәа рыла, ари аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ЕАШ-и, Мысреи, Израили.

Аха Израиль аԥыза-министр иофис аҟынтә ишаарыцҳаз, абри еиԥш аиқәшаҳаҭра аҭыԥ амамызт.