Израиль аенергетика аминистр – Израильтәи атҟәацәа иоурыжьҭаанӡа, Ҕаза аблокада нагӡахоит
Израиль аенергетика аминистр – Израильтәи атҟәацәа иоурыжьҭаанӡа, Ҕаза аблокада нагӡахоит

Израиль аенергетика аминистр   Исраель  Кац ишиҳәаз ала, израильтәи атҟәацәа иоурыжьҭаанӡа, Ҕаза аблокада нагӡахоит.

«Дара имҵадырсыз ауаа аҩныҟа ихынҳәаанӡа, афымца раҳҭом, аӡымҩангага ааҳартуам, абензинмҩангагақәа наҳашьҭуам», — иҳәеит Израиль аенергетика аминистр.

ҲАМАС Израиль ианажәыла ашьҭахь, жьҭаара  9 рзы, Израиль атәылахьчара  аминистр  Ҕаза асектор аблокада наӡа азы адҵа ҟаиҵеит.