Израиль адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Ердоган  Саддам Ҳусеин имҩа  дануп  
Израиль адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Ердоган  Саддам Ҳусеин имҩа  дануп  

 

Израиль адәныҟатәи аусқәа рминистр  Исраель Кац Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҟаиҵаз аҳәамҭа аҭак аиҭеит. Ердоҕан ишиҳәаз ала,  Ҭырқәтәыла,  палестинаа ирыцхраарц азыҳәан,  Израиль иалалар алшоит.

Кац иҳәамҭала,  Ердоҕан Ираҟ ҧасатәи алидер Саддам Ҳусеин диеиҧшуп.

«Ердоган  Саддам Ҳусеин имҩа дануп,  Израиль ажәыларала дҳақәмақаруеит. Иара уа иҟалаз,  уи шхыркәшаз ихамшҭроуп», — иҩит Кац асоциалтә аҳаҿы.