Израильтәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Израили “Ҳамаси” еиқәшаҳаҭхар ҟалап.
Аихқәа рдыррақәа рыла, израильтәи америкатәи ачинҳаракҩцәа Доҳа имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рхы аларыхәит, дисскусиақәак рышьҭахь, аганқәа еиқәшаҳаҭхар ҟалап.
“Ҳгәаанагара аиқәшаҳаҭра азҵаара 50/50 иҟоуп”, – timesofisrael ахь ааицҳаит израильтәи ачинҳаракҩы.
Акьыԥхь аинформациа ала, “аиҿцәажәарақәа раан Израиль апозициа аԥсахит, 800-ҩык палестинатәи атҟәацәа 40-ҩык израильтёи атҟәацәа рцынхәрас иоурыжьҭыр ҟалап”.