Израиль ала ақалақь Рафах алахысра амшала иҭахеит 12ҩык иреиҵамкәа апалестинцәа
Израиль ала ақалақь Рафах алахысра амшала иҭахеит 12ҩык иреиҵамкәа апалестинцәа

Израиль ала ақалақь Рафах алахысра амшала иҭахеит 12ҩык иреиҵамкәа апалестинцәа.  Ари аинформациа алаирҵәеит рафахтәи ахәышәтәырҭа аофициалтә хаҭарнак.

CNN адыррақәа рыла, иҭахаз иреиуп ахәыҷқәеи аҳәсеи.

Иара убас,  ацхыраара лас аусзуҩцәа  Ҕаза асектораҿ аҧжәара амшала еилаҳаз ҩнык ахыжәжәарақәа рҟынтә иҭыргеит даӡәымкәа ауаа рыҧсыбаҩқәа.

Ҕаза Атәалауаҩратә хыхьчара аминистрра адыррақәа рыла, аекипажқәа рылахәылацәа ахыжәжәарақәа рыҵаҟа иаанханы иҟаз, ахәрақәа зауз ауааҧсыра реиқәырхара рылшеит.