Израиль аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ - ҲАМАС  аиқәшаҳаҭра еилаганы,  аракетақәа рыла Израиль алахысра иалагеит
Израиль аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ - ҲАМАС  аиқәшаҳаҭра еилаганы,  аракетақәа рыла Израиль алахысра иалагеит

Израиль аиҳабыра рпресс-маӡаныҟәгаҩ – ҲАМАС  аиқәшаҳаҭра еилаганы,  аракетақәа рыла Израиль алахысра иалагеит

«ҲАМАС атеррористтә ар  аиқәшаҳаҭра еилаганы,  аракетақәа рыла Израиль алахысра иалагеит», — иҳәеит Израиль аиҳабыра рхаҭарнак  Эилон Леви.

Иара иажәақәа рыла, ҲАМАС аибашьцәа ахысра иалагеит шьыжьымҭан асааҭ  5:43 рзы.

«ҲАМАС аиқәшаҳаҭра анеиланаго аамҭазы, атҟәараҿы иҟоу ҳуааҧсыра цәгьала рыргәаҟра иазкны адыррақәа ҳауит, дара апсиологиатә ганахьала атҟәацәа дыргәаҟуеит,  амш рыларгоит. ҲАМАС ҳуааҧсыра арахә аасҭа иаҳа ицәгьаны ирызныҟәоит, ҳара ҲАМАС иқәаҳхуеит», — иҳәеит Израиль аиҳабыра рхаҭарнак.

Эилон Леви ишазгәеиҭаз ала, уажәазы ҲАМАС атҟәараҿы иҟоуп 137ҩык.