"ИУНЕСКО" аексперт Гелаҭи аберҭыҧтә комплекс аҿы аҭагылазаашьа аҭҵааразы рашәарамзазы Қырҭтәыла даҭаауеит
“ИУНЕСКО” аексперт Гелаҭи аберҭыҧтә комплекс аҿы аҭагылазаашьа аҭҵааразы рашәарамзазы Қырҭтәыла даҭаауеит, — акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани ари атәы аалыцҳаит Қырҭтәыла Актәи аканал ашьыжьтәи апрограмма «Амш ҿыц» аефир аҿы.
Аминистр Гелаҭтәи аберҭыҧ ахыб аиҭашьақәыргылара иахылҵыз аҭагылазаашьа далацәажәеит.
Теа Цулукиани ишылҳәаз ала, аминистрра иаҭаху зегьы ҟанаҵоит 2008 шықәса инаркны Гелаҭтәи аберҭыҧ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан иҟаҵаз агхақәа рыриашаразы. Убри азыҳәан рашәарамзазы Қырҭтәыла даҭаауеит «ИУНЕСКО» аексперт.
«Иаартны ишәасҳәар сҭахуп, азарал дууп, уи ариашаразы ауаҩытәыҩсатәи аҧаратәи ресурсқәа рацәа аҭахуп, аха, агхақәа рыриашара ҟалоит. Убри азыҳәан аусура ду мҩаҧгатәуп. Лымкаала, зквалификациа ҳараку атәым специалист даҳҭахуп. Абри аус атәым специалист далахәызароуп ҳәа иҳаӡбеит. «ИУНЕСКО» сраҭабууп, избанзар, италиатәи акультуратә ҭынха аус адызуло, иреиҕьу аспециалист даҳзаарышьҭуеит», — илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.