Ватикан Ивертәи Анцәа Иан дахьаарҧшу амозаикатә аҭыӡсахьа дыргылеит. Амозаика аартра аофициалтә церемониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, ақалақь-ҳәынҭқарра Ватикан ахаҭарнакцәеи, Қырҭтәыла Апатриархиа аделегациеи.
Амитрополит Даниил Ватикан ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа раҳәаны, Папа Франциск ҳамҭас ииҭеит 1683 шықәсазы Флоренциа икьыҧхьыз акатоликатә мессақәа реизга.
Архитекторцәа зыхә дуу ахаҳәқәа рыла ирҧшӡоу аҭыӡсахьа хәымз аус адырулон. Аҭыӡсахьа давторуп еицырдыруа ақырҭуа сахьаҭыхҩы Амиран Бақураӡе.