Ирландиа аофициалла Палестинатәи аҳәынҭқарра иазханаҵеит
Ирландиа аофициалла Палестинатәи аҳәынҭқарра иазханаҵеит

Ирландиа аофициалла Палестинатәи аҳәынҭқарра иазханаҵеит. Ирландиа аиҳабыра ари аӡбара шьақәдырҕәҕәеит аиҳабыра реилатәараҿы.

«Аиҳабыра Пелестина  ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳасабала иазхаҵаны, Дублини Рамаллеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иақәшаҳаҭхеит», — иануп Ирландиа аиҳабыра рҳәамҭаҿы.

Ирландиа аҧыза-министр Саимон Харрис ишазгәеиҭаз ала, ари ашьаҿа аҭынчра ашьақәыргылара иазкуп.

«Абри ирландиатәи ашьаҿа агәыҕра ахьчара иазкуп. Ҳара агәра ҳгоит ари аӡбара Израили Пелестинеи ҭынч, шәарҭада анхараҿы ишрыцхраауа. Сара Израиль аҧыза-министр Биниамин Нетаниаҳу иахь даҽазнык ааҧхьара ҟасҵоит адунеи дазыӡырҩны, Ҕаза асектор аҿы агуманитартә катастрофа ааникыларц», — иҳәеит  Саимон Харрис.