IRI - Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара адгылара ду амоуп, аҭҵаара алахәылацәа реиҳараҩык апартиақәа ирықәгәыӷуам, атәылаҿ Урыстәыла атәылауаа ахьыҟоу ргәаԥхом
Жәларбжьаратә ареспубликатә институт (IRI) аинформациа ала, ауаажәларратә гәаанагара ҿыц иазку аҭҵаара инақәыршәаны (Center for Insights in Survey Research), Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара адгылара ду амоуп, аҭҵаара алахәылацәа реиҳараҩык апартиақәа ирықәгәыӷуам, атәылаҿ Урыстәыла атәылауаа ахьыҟоу ргәаԥхом.
Жәларбжьаратә ареспубликатә институт аинформациа ала, аҭҵаара иалахәыз 89% Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара адгылоит. Ԥасатәи аҭҵаара еиҿҳарԥшыр, агәрагара 4% рыла иазҳан, аҭоурыхтә максимум аҿыиҟоуп.
IRI аинформациа ала, Қырҭтәыла атәылауаа атәылаҿ Урыстәыла атәылауаа ахьыҟоу ргәаԥхом. Аҭҵаара иалахәыз 79% Қырҭтәыла урыстәылатәи абизнес аҭаҩреи аурыцәа рзы авизадатә режими ирҿагылоит.
Аҭҵаара иалахәыз 42% ргәаанагарақәа, ринтересқәа аазырԥшуа аполитикатә партиакгьы иҟам. 78% – аполитикаҿ ақәыԥшцәа рыҟазаара иадгылоит.
Жәлaрбжьaрaтәи aреспубликaтә институт (IRI) ахьӡала, 2023 шықәса хәажәкыра 4-23 рзы aҭҵaaрa мҩаԥылгеит Балтиатәи аҭҵаарақәеи Геллап иинститути рхаҭарнак, адоктор Раса Алишаускине.