IRI - Апарламенттә алхрақәа анеҩстәи асабшаҽны имҩаҧысуазҭгьы, 25% ареспондентцәа «Ақырҭуа гәахәтәы» иадгылон, 13% - "Иаку амилаҭтә ҵысра"
RI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, апарламенттә алхрақәа анеҩстәи асабшаҽны имҩаҧысуазҭгьы, 25% ареспондентцәа «Ақырҭуа гәахәтәы» иадгылон, 13% – “Иаку амилаҭтә ҵысра”
Апартиақәа ирызкә аҭакқәа абас ишеит: 4% – апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы”, 3% -“Стратегиа Аӷмашенебели – Вашаӡе”, 3% – “Жәлар рымч”, 2% – “Лело”, 3% – “Гирчи” , 2% – “Зураб Гирчи Џьаԥариӡеи “Дроа” – Елене Хоштариеи, 2% – “Алеибористтә партиа” – Шьалуа Наҭелашвили, 2% – “ Атәылауаа – Алеко Елисашвили”, 2% – “Жәлар рзы – Анна Долиӡе”, 1% – “Апатриотцәа ралианс”, 1% – “Аконсерваторцәа рҵысра Альт инфо”, 1% еиҵаны – “Европатәи Қырҭтәыла – Гига Бокериа”.
Жәлaрбжьaрaтәи aреспубликaтә институт (IRI) ахьӡала, 2023 шықәсацәыббра 14 инаркны жьҭаара 14-нӡа aҭҵaaрa мҩаԥылгеит Балтиатәи аҭҵаарақәеи Геллап иинститути рхаҭарнак, адоктор Раса Алишаускине. Аҭҵaaрa рхы aлaдырхәит 1200-ҩык.