IRI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, изызҵааз рҟынтә  70 наӡына Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит, НАТО алалара иақәшаҳаҭуп  64 наӡына
IRI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, изызҵааз рҟынтә  70 наӡына Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит, НАТО алалара иақәшаҳаҭуп  64 наӡына

IRI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, изызҵааз рҟынтә  70 наӡына Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит,   7 наӡынак иааҧҵәаны иаҿагылоит, 5 наӡынак ари азҵааразы аҭак рымам, егьырҭ ауааҧсыра макьана аӡбара рыдрымкылацт.

Зыӡбахәы ҳәоу азҵаара иадҳәаланы хәажәкыразы имҩаҧгаз аҭҵаарақәа раан  Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылеит  74 наӡына.

Изызҵааз рҟынтәи НАТО алалара иақәшаҳаҭуп  64 наӡына, 12 наӡына иааҧҵәаны иаҿагылоуп, 5 наӡынак ари азҵааразы аҭак рымам, егьырҭ хәҭала иадгылоит ма иаҿагылоит.

Зыӡбахәы ҳәоу азҵаара иадҳәаланы хәажәкыразы имҩаҧгаз аҭҵаарақәа раан  НАТО алалара иадгылеит 60 наӡына, 12 наӡына НАТО алалара иақәшаҳаҭымызт.

Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI) ажәлар ргәаанагара аҭҵаара алҵшәақәа цәырнагеит.

Аҭҵаарақәа рымҩаҧгара иацхрааит Жәларбжьаратәи аҿиаразы америкатә агентра.