Иран ахада  - Исламтәи ареспублика ахатә аҵакырадгьылтә акзаара иахьчоит, ампыҵахалаҩцәа иҟарҵаз зегьы иахьхәратәы иҟаҳҵоит
Иран ахада  - Исламтәи ареспублика ахатә аҵакырадгьылтә акзаара иахьчоит, ампыҵахалаҩцәа иҟарҵаз зегьы иахьхәратәы иҟаҳҵоит

«Исламтәи ареспублика ахатә аҵакырадгьылтә акзаара иахьчоит, ампыҵахалаҩцәа иҟарҵаз зегьы иахьхәратәы иҟаҳҵоит», — иҳәеит Иран ахада  Масуд Ҧезешкиан  ҲАМАС алидерцәа руаӡәы Исмаил Ханиа Тегеран даныршь ашьҭахь.

Иран ахада ишиҳәаз ала, Ирани Палестинеи реимадарақәа иаҳа иҕәҕәахоит.

ҲАМАС аҿы ишырҳәаз ала, Израиль ахаҭарнакцәа рполитикатә лидер Исмаил Ханиа дыршьит Тегеран имҩаҧгаз ареид аан.

Ҧхынгәы 30 рзы  Исмаил Ханиа Иран ахада Масуд Ҧезешкиан иинаугурациа далахәын.