Иракли Шоҭаӡе ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла даанкылоуп ациркулиар ҟаҧшь ала изышьҭаз,   италиатәи еиҿкаау ацәгьауратә гәыҧ алахәыла
Иракли Шоҭаӡе ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла даанкылоуп ациркулиар ҟаҧшь ала изышьҭаз,   италиатәи еиҿкаау ацәгьауратә гәыҧ алахәыла

«Қырҭтәыла даанкылоуп ациркулиар ҟаҧшь ала изышьҭаз,   италиатәи еиҿкаау ацәгьауратә гәыҧ алахәыла», — иҳәеит Қырҭтәыла апрокурор хада Иракли Шоҭаӡе.

Иара иажәақәа рыла, иаанкылоу ауаҩҧсы аекстрадициатә баандаҩтәраҿы дыҟоуп.

«Италиа акомпетенттә органқәа рыҳәара инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы аекстрадициатә баандаҩтәраҿы дыҟоуп. Аекстрадициа апроцедурақәа хыркәшоуп, иааиуа амшқәа рзы иара Италиаҟа диаргоит.   Абаандаҩы италиатәи еиҿкаау ацәгьауратә гәыҧ алахәызаареи Италиа аҵакырадгьылаҿ ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәеи  ихарарҵоит.  Иара диталиануп,  ациркулиар ҟаҧшь ала ишьҭан», — иҳәеит  Иракли Шоҭаӡе.