“Ветинг” азакәан аиҳаӡара апринцип шаҿагыло, иӷәӷәоу аргументқәа ҳамоуп, аха ари шәиашам, “ветинг” ҳсуверенитет, азакәан аиҳаӡара иаҿагылом ҳәа рхатә аргументқәа аадырԥшыр, аргументқә зегьы рыхцәажәара ҳазыхмоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, 2004-2012 шш. рзы аиҳабыра аӡбарҭа асистема анапаҿы аагара аус иахылаԥшуаз “ветинг” акәын.
“Ҳара аргументқәа ҳарзыԥшуп, аргументқәа рыда атәыла асуверенитети, аӡбарҭа ахьыԥшымреи реилагара ҟалом, ари адкылашьа амам. Ишәгәалашәоит, Қырҭтәыла аӡбарҭа асистемаҿ 2004-2012 шш. рзы иҟаз аҭагылазаашьа зеиԥшраз, 2004-2012 шш. рзы аиҳабыра аӡбарҭа асистема анапаҿы аагара аус иахылаԥшуаз “ветинг” акәын. Аоппохициаа иахьагьы абри ауп ирҭаху -аӡбарҭа асистема анапаҿы ааргарц рҭахуп“, – иҳәеит Кобахиӡе.