Иракли Кобахиӡе – Венгриа аиҳабыреи анапхгаратә партиеи Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара ҕәҕәала иадгылоит
Венгриа аиҳабыреи анапхгаратә партиеи Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара ҕәҕәала иадгылоит, ҧхынҷкәын 14-15 рзы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иадҳәаланы рпозициа рыҧсахуам, — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, Венгриа анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәеи иареи реиҧылараҿы атәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи, арҭ аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, аҧышәа аиҭныҧсахлареи иалацәажәеит.
Ажурналистцәа Кобахиӡе иазҵааит «Венгриа анапхгаратә партиа апарламент иаланагалаз арезолиуциаҿы аиҳабыра ирыҳәоит Евроеидгылашҟа Украина алалара иадҳәаланы аиҿцәажәарақәа ралагара иақәшаҳаҭымхарц, уи Қырҭтәылазы шәарҭаӡами ҳәа. Кобахиӡе ишиҳәаз ала, уи «Евроеидгылеи Венгриеи ирусуп».
«Аҵыхәтәаны, еиқәшаҳаҭхоит ҳәа сгәы иаанагоит. Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи 27 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә адгылара роуп ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Кобахиӡе.