Иракли Кобахидзе - Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа амлашьра даҟәыҵыр илшоит
«Саакашвили, Страсбургтәи аӡбара ақәҵара нагӡаны, зыҧшра ҟамҵакәа амлашьра даҟәыҵыр илшоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭашҟа ииагара ахымҧада иҟам, иара убас, ауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи иадҳәалоу ашәарҭарақәагьы иҟоуп.
«Саакашвили Страсбургтәи аӡбара ақәҵара наигӡом. Иара ашантаж формак ихы иархәоит. Иара амлашьра даҟәыҵыр, Елене Хоштариагьы амлашьра даҟәыҵуеит, аха, ус ҟаиҵом, избанзар, Страсбургтәи аӡбарагьы атәыла аҿиарагьы хьаас имам», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
«Иара имҵарсра ргәы иҭоу иҭаму сыздырӡом. Аха, имҵарсра рҽазыркыр, ауаа рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылар рылшоит. Иааҟәымҵӡакәа Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭашҟа ииагара иаҳәоит, аха, уи еиҧш ахымҧадара иҟам», — иҳәеит Кобахиӡе.