Иракли Кобахиӡе - Саакашвили иҟаиҵоз асимулиациа иадгылоз ауааҧсыра зегьы ажәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭарҵароуп
«Саакашвили 600 мшы рыҩныҵҟа асимулиациа ҟаиҵон, рыцҳарас иҟалаз, атәымуаагьы ари асимулиациа иадгылон», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, Саакашвили амцҳәараҿы ицхраауаз ауааҧсыра зегьы ажәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭарҵароуп.
«Саакашвили амцҳәараҿы ицхраауаз ауааҧсыра зегьы ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭарҵароуп. Аконкреттә политикцәа, адипломатцәа, ҧасатәи Жәлар рыхьчаҩ, иконсилиум алахәылацәа уҳәа, дара маҷым. 600 мшы рыҩныҵҟа агәра ҳдыргар рҭахын иара есымша аҧсра даҿызшәа. Ҳәарада, шәара аспекталь жәдыруеит – «Зны иҧсит, нас еибагеит» — Саакашвилигьы зны дыҧсын, уажәшьҭа аполитика иҽалеигалоит. Уки хшыҩдароуп. Абри аҩыза ахшыҩдара автор аполитикашҟа ихынҳәра ҳалацәажәозар, ҳәарада, иара изакәызаалак қәҿиарак иоуам», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.