Иракли Кобахиӡе – Саакашвили идҳәаланы Зеленски ихьымӡҕу ашьаҿа ҟаиҵеит, аха, ҳара, ганкала акәзаргьы, еибашьуа атәыла анапхгара рҟны аиҩызаратә режимаҿ ҳаҟазар ҳҭахуп
Иракли Кобахиӡе – Саакашвили идҳәаланы Зеленски ихьымӡҕу ашьаҿа ҟаиҵеит, аха, ҳара, ганкала акәзаргьы, еибашьуа атәыла анапхгара рҟны аиҩызаратә режимаҿ ҳаҟазар ҳҭахуп

Саакашвили идҳәаланы Зеленски ихьымӡҕу ашьаҿа ҟаиҵеит, аха, ҳара, ганкала акәзаргьы, еибашьуа атәыла анапхгара рҟны аиҩызаратә режимаҿ ҳаҟазар ҳҭахуп, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист изҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Ишдыру ала, Украина ахада Владимир Зеленски   Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҳәеит 48 сааҭ рыҩныҵҟала Украина дықәҵны, Саакашвили изҵааразы аконсультациақәа рымҩаҧгара амзызла Қарҭҟа дхынҳәырц. Ажурналист изҵаара абри афакт иазкын.

„Украина ахада Саакашвили идҳәаланы иацы иҟаиҵаз ашьаҿа инарҭбааны алацәажәара сҭахым, избанзар,  аибашьра иаҿу атәыла ахада иоуп ҳазлацәажәо. Аха, уезгьы, ҳара ҳзы ихьымӡҕу ашьаҿа ҟаиҵеит.  Украина уажәтәи ачынуаа Саакашвили Қырҭтәылаҟа идәықәлара апроцесс иалахәын, уажәы дара рхаҭаҵәҟьа Саакашвили ирхынҳәра иаҳәоит, ҳәарада, абри зегьы ҳаҳаҭыр ланарҟәоит. Саакашвили идҳәаланы Зеленски ихьымӡҕу ашьаҿа ҟаиҵеит, аха, ҳара, ганкала акәзаргьы, еибашьуа атәыла анапхгара рҟны  аиҩызаратә режимаҿ ҳаҟазар ҳҭахуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.