Иракли Кобахиӡе - Саакашвили фышықәса еиҵамкәа абахҭа дҭакызаауеит, атәыла арҭынчразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп «Амилаҭтә ҵысра» аҵыхәаҧҵәара
«Ҳара алхрақәа рҿы аиааира ҳгеит, ареферендум аҿгьы ҳаиааит. Саакашвили абахҭа дҭакуп, иара фышықәса еиҵамкәа дҭакызаауеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
«Атәыла арҭынчразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп «Амилаҭтә ҵысра» аҵыхәаҧҵәара. Анеҩстәи хышықәса рыҩнуҵҟала атәылаҿы уаҳа алхрақәа мҩаҧысуам, убри аҟынтә, «Амилаҭтә ҵысра» аполиаризациеи адеструкциеи азы уаҳа алшара роуам. Анеҩстәи хышықәса рыла «Амилаҭтә ҵысра» еилаҳауеит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.