Иракли Кобахиӡе  - Саакашвили 600 мшы рыла 600-нтә дыҧсит, нас, аполитикашҟа дхынҳәит, иара қәнагарала абаандаҩтәра ихигароуп
Иракли Кобахиӡе  - Саакашвили 600 мшы рыла 600-нтә дыҧсит, нас, аполитикашҟа дхынҳәит, иара қәнагарала абаандаҩтәра ихигароуп

Саакашвили 600 мшы рыла 600-нтә дыҧсит, нас, аполитикашҟа дхынҳәит, абри зегьы аирониала иахәаҧштәуп.   600 мшы рыла ҳуааҧсыра дырааҧсеит. Уажәы абри зегьы аханатә иалагар рҭахуп, – иҳәеит апартиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Иара ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили қәнагарала абаандаҩтәра ихигароуп.

„Акоуп иҟаҵатәу, иуацәа  иашьашәалоу акалориақәа змоу афатә изнаргароуп. Аспекулиациа амзызла цасҳәа ахгара ҟалом.  600 мшы ҳаржьон ари ахаҵа есымша аҧсра даҿызшәа. Страсбургтәи ақәҵара цәыргоуп,  ишеилкааз ала, иара  аҧсра даҿым,  аполитикашҟа ахынҳәра игәы иҭоуп.  Саакашвили 600 мшы рыла 600-нтә дыҧсит, нас, аполитикашҟа дхынҳәит, абри зегьы аирониала иахәаҧштәуп.   600 мшы рыла ҳуааҧсыра дырааҧсеит. Уажәы абри зегьы аханатә иалагар рҭахуп. Абри зегьы ухахьы иузаагом. Ҳара уи ҳашьцылахьеит, аха, ҳуааҧсыра дырааҧсеит. Саакашвили қәнагарала абаандаҩтәра ихигароуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.