Иракли Кобахиӡе – Қырҭтәыла азҵаареи Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәеи реидҳәалара ҟалом, Қырҭтәыла ҧхынҷкәын 14-15 рзы акандидат астатус аиуроуп
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Украинеи Молдовеи ҵыҧх акандидат астатус роуит, аха, усҟан уи Қырҭтәыла астатус аҭаразы шьаҭас иҟамлеит.
Кобахиӡе игәаанагарала, Қырҭтәыла азҵаареи Украина иадҳәалоу аиҿцәажәарақәеи реидҳәалара ҟалом.
«Венгриа анапхгара ҕәҕәала ҳақәдыргәыҕит Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ишақәшаҳаҭхо. Венгриа аган аҟынтә абри аҩыза адгылара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ҧхынҷкәын 14-15 рзы акандидат астатус шҳанаршьо. Венгриа ари аӡбара иадгылоит. Ҳәарада, Евроеидгылеи Венгриеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаҧгахоит, аха, уи дара ирусуп, ҳара уи ҳазҽалаагалом. Ҳәарада, арҭ аиҿцәажәарақәа Қырҭтәыла азҵааразы изакәызаалак аныррак рмоуроуп. Насгьы, ари апроцессаҿ Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ишиашо реидҳәалара ҟалом. Ишәгәалашәозар ҟалап, ҵыҧх Украинеи Молдовеи акандидат астатус роуит, аха, усҟан уи Қырҭтәыла астатус аҭаразы шьаҭас иҟамлеит. Ишыҟазаалакгьы, ҧхынҷкәын 14-15 рзы Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьароуп. Венгриа ҳпартниорцәеи ҳколлегацәеи рҟны имҩаҧаагаз адискуссиақәа ари агәаанагара шьақәдырҕәҕәоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.