Иракли Кобахиӡе  - Макфол аинтервиу аҿы иҳәеит аконкреттә тәылақәа аескалациа иацәымшәароуп ҳәа, абри аҩыза ааҧхьара аҟаҵара ииашам
Иракли Кобахиӡе  - Макфол аинтервиу аҿы иҳәеит аконкреттә тәылақәа аескалациа иацәымшәароуп ҳәа, абри аҩыза ааҧхьара аҟаҵара ииашам

«Маикл Макфол аинтервиу аҿы иҳәеит аконкреттә тәылақәа аескалациа иацәымшәароуп ҳәа, абри аҩыза ааҧхьара аҟаҵара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе «Арадио Ахақәиҭра» аинтервиу аҿы.

«Макфол иинтервиу саҧхьеит. Аинтервиу аҿы иҳәеит аконкреттә тәылақәа аескалациа иацәымшәароуп ҳәа. Сара ари атема сазааҭгылар сҭахым, аха,   абри аҩыза ааҧхьара аҟаҵара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.

Асанкциақәа рызҵаарақәа рзы жәларбжьаратәи гәыҧ акоординатор  Майкл Макфол  «Арадио Ахақәиҭра» аинтервиу аҿы иҳәеит: «Пригожин иқәгылареи Путин уи азы иҟаиҵаз ақәҿыҭреи  аҿырҧштәы бзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит, ҷыдала, Украина иадгыло, аха, аескалациа иацәшәо атәылақәа рзы. Дара Путин хымҧада аескалациа ҟаиҵоит ҳәа ргәы иаанагоит. Иара акапитулиациа иқәшәап ҳәа шәгәы иаанамгаӡои? Убри шәазхәыц. Аибашьраҿ дшаҵахо анибалак аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара  дақәшаҳаҭхар ҟамлои?»