Иракли Кобахиӡе Китаи Жәлар Рреспублика 75 шықәса ҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит
Иракли Кобахиӡе Китаи Жәлар Рреспублика 75 шықәса ҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаи Жәлар Рреспублика 75 шықәса ҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Асоциалтә каҭа Х аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы ишану ала,  Қырҭтәылеи Китаи ирыбжьоу астратегиатә партниорра иабзоураны аганқәа зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭреи авизадатә реиааира иазку аиқәшаҳаҭреи рыбжьарҵеит.

„Гәык ԥсык ала Китаи Жәлар Рреспублика 75 шықәса ҵра адысныҳәалоит. Ҳтәылақәа ирымоу ирыбжьоу астратегиатә партниорра иабзоураны аганқәа зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭреи авизадатә реиааира иазку аиқәшаҳаҭреи рыбжьарҵара ҳалшеит. Сгәы шаанаго ала, аусеицура арҭбаареи анагӡареи ҳалшоит”, – иануп Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.