Иракли Кобахиӡе - Ихадоу ҳприоритетқәа иреиуп ашьха аҿиара, ашьхаҳаракыратә Аҷара аҿиара, ари наҟ-наҟгьы наҳагӡоит
Иракли Кобахиӡе - Ихадоу ҳприоритетқәа иреиуп ашьха аҿиара, ашьхаҳаракыратә Аҷара аҿиара, ари наҟ-наҟгьы наҳагӡоит

Ихадоу ҳприоритетқәа иреиуп ашьха аҿиара, ашьхаҳаракыратә Аҷара аҿиара, ари наҟ-наҟгьы наҳагӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Бешуми “Шуамҭоба” аныҳәаҿ данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҭыԥантәи уааԥсыреи аныҳәа асасцәеи “Шуамҭоба” рыдиныҳәалан, арегион аҿиара иазку апроектқәа дрыхцәажәеит.

“Хуло-Зарзматәи амҩа изныкымкәа ҳахцәажәахеит, ари апроект ашықәс анҵәамҭазы ахьхыркәшо даара сгәы иаахәоит. Ари апроект анагӡара рхы иамеигӡакәа аус адызулоз ауаа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳоит Иракли Қарселаӡе. Иӷәӷәоу ашьха иӷәӷәоу Қырҭтәыла иаанагоит. Ихадоу ҳприоритетқәа иреиуп ашьха аҿиара, ашьхаҳаракыратә Аҷара аҿиара, ари наҟ-наҟгьы наҳагӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе