Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара ирызку аҳәамҭақәа имцуп, аспекулиациоуп
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара ирызку аҳәамҭақәа имцуп, аспекулиациоуп

«Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Иракли Кобахиӡе «Ииашоу алхрақәа» абжьқәа  ицтәароу рыԥхьаӡара алҵшәақәа рцәыргара дахцәажәеит.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, абжьқәа  ицтәароу рыԥхьаӡараан Ақырҭуа гәухәтәы иадҳәаланы 2,4% иаҟароу еиԥшымра аарԥшуп. Ари амзызла аоппозициаа рлидерцәа  алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара азҵаара иахцәажәоит.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара ирызку аҳәасҭақәа имцуп, аспекулиациоуп.

Ацентртә алхратә комиссиа ацыхәтәантәи дыррақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» абжьқәа 48.22% аиуит. «Ииашоу алхрақәа» иацы ицәырнагаз адыррақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы»  абжьқәа амаксималтә рпроцент 48,3% иаҟароуп, аминималтә – 46,9%.