Иракли Кобахиӡе - Иахьа ҳара згәыдурала иаҳҳәар ҳалшоит ақырҭуа полициа иҳаракӡоу азанааҭдыррала ишалкаау, адунеи иреиҕьу азинхьчаратә системақәа рыгәҭа иахәҭоу аҭыҧ шааннакыло
Аҧыза-министр аполицаицәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит.
Еснагь аҿиара иаҿу аполициа ҕәҕәа аҳәынҭқарра аҕәҕәара ахадаратә ашьаҭақәа иреиуп, наҟ-наҟгьы убасҵәҟьа иҟалоит, убри аҟынтә, аполициа аинституциатә арҕәҕәареи аполицаи иусура ишахәҭоу еиҧш ахә ашьареи ҳтәыла анапхгара рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу зҵаарас иаанхоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аполицаи имш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аполициа аусуҩцәа рзанааҭтә амш рыдныҳәаланы, ишазгәеиҭаз ала, дара, рыҧсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭаргыланы, уахгьы-ҽынгьы, азинеиҿкаареи ҳтәылауаа ршәарҭадареи рыхьчоит.
„Есымша инашәырӡо ауси шәыхмеигӡареи роуп иахьа Қырҭтәыла еиқәыршәоу аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи зыбзоуроу, убри ашьаҭалоуп ҳтәыла аҿиара ишаҿу. Иҳаҩсыз ашықәсқәа ақырҭуа ҳәынҭқарразы имариамызт. Раҧхьа иргыланы, аполициа абзоуралоуп аҳәынҭқарра, қәҿиарала, аҳәынҭқарратә аарҳәра иакымкәа амчыларатә ҽазышәарақәа раҧыхра шалшаз, аполицаи цыҧхьаӡа уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иасҳәоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аҧыза-министр Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинституциатә арҕәҕәареи ацәгьаура аҿагылара ахырхарҭала шықәсык иалагӡаны иҟаҵаз ашьаҿақәеи дрылацәажәеит.
„Ҷыдала сазааҭгылар сҭахуп еиҿкаау ацәгьауреи, акоррупциеи, азакәандаратә миграциеи ирҿагыло ақәҧара. Иахьа ҳара згәыдурала иаҳҳәар ҳалшоит ақырҭуа полициа иҳаракӡоу азанааҭдыррала ишалкаау, адунеи иреиҕьу азинхьчаратә системақәа рыгәҭа иахәҭоу аҭыҧ шааннакыло. Уи шьақәдырҕәҕәоит аполициа иамоу ахьӡ бзиеи ақырҭуа жәлар аполициа иазаадырҧшуа агәрагареи.
Абри иуадаҩӡоу аамҭазы ҕәҕәала ишәыдгыло, абри аҭакҧхықәра ду шәыцеиҩызшо шәҭаацәарақәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Аполициа аинституциатә арҕәҕәареи аполицаи иусура ишахәҭоу еиҧш ахә ашьареи ҳтәыла анапхгара рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу зҵаарас иаанхоит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аҧыза-министр данықәгылоз, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан иҭахаз аполицаицәа ҳаҭырла игәалаиршәан, ишазәгеиҭаз ала, дара иаадырҧшыз ахмеигӡара игыло абиҧарақәа рзы иҿырҧшыгахоит.
Аполицаицәа рзанааҭтә амш рыдырныҳәалеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, авице-аҧыза, азинхьчаратә органқәа ркоординациа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Мамука Мдинараӡеи, аҩныҵҟатәи ауқәа рминистр Сулхан Ҭамазашвилии.
Аполицаи имш инамаданы, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аполициа еиуеиҧшым аҟәшақәа русуҩцәа аҳамҭақәа ранеишьеит.
Аполицаи имш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы иҟан Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи.